Иракли Ҕарибашвили Норвегиа аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Норвегиа аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Норвегиа аҳраҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Зураб Бериӡе диҧылеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. 

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылеи Норвегиа аҳреи реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, арҭ аизыҟазаашьақәа азҳара иаҿу адинамикала иалкаауп. Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирыҵанакәеит еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура ҕәҕәа, арҭ аусхкқәа иреиуп  аполитикеи, аекономикеи, атәылахьчареи, аҵареи, акультуреи, ақырҭуа аган арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара иақәгәыҕуеит.