Иракли Ҕарибашвили - НАТО алахәызаара - Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи аҿы ахадаратә ҵакы змоу ҧыжәароуп
«НАТО алахәызаара – Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи аҿы ахадаратә ҵакы змоу ҧыжәароуп, ари азҵаара аҵакы убас идууп, уи Аконституциа аҿгьы иарбоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг даниҧыла ашьҭахь дара еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа НАТОи Қырҭтәылеи рдинамикатә усеицура аусхәаҧштәи аинтеграциа апроцесси иалацәажәеит.
Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, Алианс алахәызаара аҽазыҟаҵаразы иаҭаху апрактикатә хархәагақәа зегьы амоуп, атәыла, зегьы реиҳа НАТО иазааигәоу, зыгәра угаша партниоруп.
«Қырҭтәыла ишьақәнарҕәҕәеит НАТО анапхгарала имҩаҧысуа аоперациақәа рҿы аколлективтә хыхьчара алахәызаара ишалшо. 860ҩык ақырҭуа аҳәсеи ахацәеи 10 шықәса рыҩнуҵҟа, адгылаҩцәа реилазаараҿы Афганистан арратә маҵзура нарыгӡон.
Ҳара Амшын еиқәа арегион аҿы Алианс ахаҭарнакра арҭбаара ҳақәшаҳаҭуп. Амшын еиқәа аҿы Алианс аҟазаара иҕәҕәоу аанкыларатә факторуп, уи арегион атәылақәа рҭышәынтәаларагьы иацхраауеит. Европатәи ашәарҭадара зыҟалом Амшы еиқәа аҿы аҭышәынтәалара шьақәгылаанӡа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уи лабҿаба иубарҭахеит. Ҳара «НАТО 2020» аус арура иазку аидгылаҩцәа рстратегиа ҳазыразуп, уи абзоурала, аҵыхәтәаны, ҳара Аҩадатлантикатә алианс астратегиатә концепциа алахәызаара ҳалшоит», — иҳәеит Аҧыза-министр.