Иракли Ҕарибашвили - Ҟрымтәи аплатформа аҧҵара абзоурала, ҳара ампыҵахалатә мчқәа ҳажәларқәа ирҿагыланы иҟарҵо ацәгьаурақәа ҳрылацәажәар ҳалшоит, адунеи агәалаҳаршәароуп Ҟрым Украина шакәу
Ахада Зеленски ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп аглобалтә пандемиа аан абри ауснагӡатә амҩаҧгаразы, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҟрымтәи аплатформа асаммит аҿы данықәгылоз.
“Ҟрымтәи аплатформа аҧҵара абзоурала, ҳара ампыҵахалатә мчқәа ҳажәларқәа ирҿагыланы иҟарҵо ацәгьаурақәа ҳрылацәажәар ҳалшоит. Адунеи агәалаҳаршәароуп Ҟрым Украина шакәу!
Украинеи Қырҭтәылеи реиҩызара аҭоурых дууп. Аҭынчраангьы аибашьраангьы ҳаидгылоуп. Иаҳзеиҧшу аҕа ҳаиҿагыланы ахақәиҭра ҳазықәҧоит, ахақәиҭреи адемократиеи азықәҧара ауп ҳакзаара еилазгар зҭаху даҽа мчык иаҿагылоу ақәҧараҿы еснагь ҳзырҕәҕәоз. 90-тәи ашықәсқәа рзы, Урыстәыла аҽалархәрала имҩаҧысуаз аибашьраан, украинаа, ақырҭуаа ирывагыланы, аурыс агрессор иҿагыланы иқәҧон. Леонид Ткачуки иҧсыбаҩ еиҿыхны ирбеит, мышқәак раҧхьа уи иҭаацәара ирырҭеит.Иара, Қырҭтәыла ахьыҧшымра азықәҧараан иҭахаз украинаа дырсимволуп, игәымшәареи ихамеигӡареи азы ақырҭуаа аҳәынҭқарратә анашьамҭа ианаршьеит,” – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.
“13 шықәса раҧхьа Урыстәылатәи афедерациа, Қырҭтәыла иаҿагыланы, зымҽхак дууз арратә жәылара мҩаҧнагеит, уи иалаӡит шәҩылша атәылауаҩратәии арратәии ахаҿқәа, жәабала ақырҭуа қыҭақәа иблуп, ахыбгалоуп, убри анеҩс, аетникатә рыцқьара даҽа етапк иалаган, шәнызқьҩыла ақырҭуаа рыҩнқәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит. Урыстәыла Қырҭтәыла иузалымхуа 2 регионк импыҵахаланы ирымоуп. Абри афакт Европа зегьы ашәарҭадареи азакәан иақәныҟәо жәларбжьааратәи азинеиҿкаареи иаҧырхагахеит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, 2014 шықәсазы, Украинагьы абри аҩызаҵәҟьа аҧеиҧш аиуит.
Ҳара Урыстәыла хықәкыла имҩаҧнаго аполитика аабоит, уи аҭынчратә процессқәа рырҧсыҽреи, аҭыҧаҿы адестабилизациеи, аимак амшала азарал зауз ауааҧсыра иаҳа рҭагылазаашьа арцәгьара ауп изызку, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу – абри зегьы ҟарҵоит Евроеидгыла абжьацәажәарала 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы амца аанкыларазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра аилагара ала.
Зҭыҧ иқәҵам аимакқәа арегион атәылақәа зегьы ирҧырхагоуп, европатәи евроатлантикатәи шәарҭадара иаҧырхагоуп. Ҳареи ҳпартниорцәеи азакәандаратә ампыҵахалареи аннексиеи иаҿагылоу ҳҽазышәарақәа иаҳа иҳарҕәҕәароуп.
Арегион аҿы иҟоу аимакқәа рҭыҧқәҵара ҳалымшар, мраҭашәаратә дунеи, хымҧада, иаҳа-иаҳа иҕәҕәахо адестабилизациатә хыҵхырҭақәа ирҿагылар акәхоит. Ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа шыҟоугьы, Қырҭтәылеи Украинеи европатәи евроатлантикатәи структурақәа рахь аинтеграциа амҩа нарыгӡоит.
Қырҭтәыла аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара иазгәыкуп. Ҳара аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара амзызла иаҳа иҭбаау, апрактикатә хархәагақәа раҧҵара ҳгәы иҭоуп. Уи азы ҳажәлар рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит, абри амҩа ҳаныҵраны ҳаҟам. Аамҭакала, иҭышәынтәалоу аекономикатә аҿиареи европатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәеи рыла, адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара ҳаҿуп. Ҳоппонентцәа аҿиара апроцесс иаҧырхагахар шырҭахугьы, иаҳа ҳҽырҕәҕәаны ари апроцесс наҳагӡоит. Ҳҭоурых аҿы еиуеиҧшым аҧышәа ҳамоуп, аха, ахаангьы апроблемақәа ҳарцәымшәацт.
Убри аҟынтә, Ҟрымтәи аплатформа – ҳпартниорцәа изыдгыло, Амшы еиқәа арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рҭыҧқәҵара иацхрааша зҵакы дуу трибунас иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит.
Аҵыхәтәаны иазгәасҭар сҭахуп, азеиҧш ҽазышәареи астратегиатә азнеишьеи ала, ҳара Амшын еиқәа арегион, аекономика ашәҭыкакаҷра иахьалаго, ауаа рмышхәыбзазара ахьеиқәыршәазаауа алшарақәа ррегионс аҟаҵара ҳалшоит,” – иазгәеиҭеит Иракли Ӷарибашвили.