Иракли Ҕарибашвили Кавказ аиҿцәажәарақәеи Женеватәи жәларбжьаратәи дискуссиақәеи азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ хада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Кавказ аиҿцәажәарақәеи Женеватәи жәларбжьаратәи дискуссиақәеи азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ хада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Кавказ аиҿцәажәарақәеи Женеватәи жәларбжьаратәи дискуссиақәеи азҵаарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ хада Филлип Рикер диҧылеит. Иракли Ҕарибашвили Филлип Рикер амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ҳаҧхьаҟа аусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Америказы зыгәра угаша партниоруп, арегион аҿгьы уи анҭыҵгьы Америка адгылаҩуп.
Иракли Ҕарибашвилии Филлип Рикери Украина имҩаҧысуа аибашьреи ашәарҭадара аганахьала адунеи аҿы иуадаҩӡоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭәтыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара азҵаара зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Филлип Рикер аҧыза-министр даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.