Иракли Ҕарибашвили Катартәи аҳәынҭқарра Абизнесменцәа рассоциациа ахантәаҩы диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Катартәи аҳәынҭқарра Абизнесменцәа рассоциациа ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Катар ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Катартәи аҳәынҭқарра Абизнесменцәа рассоциациа ахантәаҩы ашеих  Фаисал бин Қассим аль Ҭани диҧылеит. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аекономикеи, ахәаахәҭреи, аинвестициақәеи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Катари русеицура иалацәажәеит. 

Аиҧылара анҵәамҭазы Қырҭтәыла аҧыза-министри Катар Абизнесменцәа рассоциациа ахантәаҩи  амузеи аҿы ақырҭуа кәакь аадыртит. 

Амузеи аҿы ақырҭуа секциа ахәаҧшцәа ирзыманшәалоу аҭыҧаҿы еиҿкаауп, уаҟа ақырҭуа амилаҭтәи аҭоурыхтәи експонатқәа цәыргоуп.