Иракли Ҕарибашвили Испаниатәи аҳра адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Испаниатәи аҳра адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниатәи аҳра адәныҟатәи аусқәа рминистр Фернандо Гранде Марласка диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Испаниеи рыбжьара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла қәҿиарала русеицура иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәеи рполитикатә диалог аҩаӡара ҳараки. 

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Испаниеи рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа қәҿиарала аус еицыруеит, ари аусеицура аҿиара иаҿуп жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи, апартниорреи, агәреибагара апринципқәеи рышьаҭала.