Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа 66-тәи аилатәара мҩаҧган.

Аилатәара алахәылацәа Қырҭтәыла  Еврокомиссиазы еиқәнаршаз аҳасабырба иахәаҧшит,  уи Евроеидгыла арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Коппенгагентәи акритериқәа  ирышьашәаланы раҧхьаӡа акәны еиқәыршәан,  ари апроцесс иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы. 

Зыӡбахә ҳәоу аҳасабырба инақәыршәаны,  Еврокомиссиа,  Коппенгагентәи атематикатә критериқәа рышьаҭала,  Қырҭтәыла ахәшьара анаҭоит.  Зыӡбахә ҳәоу акритериқәа рыҵанакәеит аполитикатәи,  иара убас,  аепкономикатәи,  аcектортәи ахәҭақәа.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, 2022 шықәса рашәарамзазы, Европатәи ахеилак аӡбара ашьаҭала  Қырҭтәыла ианашьаз европатәи аперспектива абзоурала,  Қырҭтәыла, ассоциациатә тәыла астатус аҟынтә  арҭбаара иаҵанакәа атәылақәа реиқәыҧхьаӡа иалалеит. Убри аҟынтә,  Еврокомиссиа, есышықәса, Қырҭтәыла иазку ахәшьараҭаратә аҳасабырба армазеиуеит. Еврокомиссиа ахәшьараҭаратә аҳасабырба цәырнагоит 2023 шықәса ҭагалан азы, убри ашьаҭала, 2023 шықәса анҵәамаҭаз Европатәи ахеилак Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаара иахәаҧшуеит. Иара убас, акомиссиа аилатәараҿы, акомиссиа алахәылацәа иргәаҧхеит Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа 2023 шықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан, уи аҿы иарбоуп Евроеидгылахь аинтеграциа ахырхарҭала шықәсык иалагӡаны имҩаҧгатәу акрызҵазкәа ауснагӡатәқәа.