Иракли Ҕарибашвили Иенс Столтенберг диҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылеит. Аҩадаатлантикатә алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылеит НАТо аофис хадаҿы. Аиҧылара аан иаҵшьны иазгәаҭан НАТОи Қырҭтәылеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи, Қырҭтәыла аҭышәынтәалара арҕәҕәара иацхраауа, НАТО аҟны аусеицура аганахьала атәыла алшара ҿыцқәа азҭо ирҿыцу апакет наӡеи.
Иракли Ҕарибашвили Иенс Столтенберг ҭабуп ҳәа иеиҳәеит НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс ацхраареи, 2020 шықәсатәи аҳасабырбеи азыҳәан. Абри адокумент аҿы хәҭаҷк Қырҭтәылаҟны аусеицура иазкуп, уаҟа ишану ала, НАТО, 2008 шықәсатәи Бухаресттәи асаммит аӡбра инақәыршәаны, Алианс ашҟа Қырҭтәыла алалара иацхраауеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Амшын еиқәа ашәарҭадара аҵаки ари ахырхарҭала Қырҭтәыла ианашьоу ароли иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун арегион аҿы агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыци Урыстәыла аган аҟынтә иҟоу ашәарҭареи, уи евроатлантикатә шәарҭадаразы ахадара змоу апроблемақәа иреиуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәагьы ирылацәажәеит. Иенс Столтенберг даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Алианс Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Аиҿцәажәара аан даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан НАТО аҭынчрачаҧаратә миссиақәеи аоперациақәеи рҿы алахәызаара аганахьала Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду. Амаӡаныҟәгаҩ хада Аҧыза-министр уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.