Иракли Ҕарибашвили – Иаҳхаагаз аибашьрақәа рышьҭахь ибзиаӡаны иаадыруеит аибашьра иахылҵуа, убри аҟынтә, аҭынчра ахә ҳшьоит

16:23, 17.05.2023

Ҳтәыла анапхгара атәылаҿ азинеиҟарареи,  ауаҩытәыҩса изинқәеи,  азакәан аиҳаӡареи,  аџьармыкьатә економикеи еиқәзыршәо аҧхықәрақәеи апринципқәеи ирызгәыкуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Реиквиавик имҩаҧысуа асаммитаҿ данықәгылоз.

Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала иадгылоит. Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ибзиаӡаны иргәалашәоит  2008 шықәсазы Урыстәыла ишрабашьуаз,  ауаа рацәа ишҭахаз,  атәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына импыҵахаланы ишыргаз.

„Ҳтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахаь,  иакымкәа аибашьрақәа ҳхаагеит,  аибашьра алҵшәас иахылҵуа ибзиаӡаны иаадыруеит,  убри аҟынтә,  аҭынчра ахә ҳшьоит.  Ҳтәыла аиҳабыра,  анапхгара анырга ашьҭахь,  ирылшоз зегьы ҟарҵеит ҳтәылаҿы еиҧҟьарада аҭынчра иҟазаарц азыҳәан.  Иахьатәи адунеи ирласӡаны аҽаҧсахуеит,  азинеиҿкаара аҽаҧсахуеит,  иарбанызаалак атәыла,  иара ахала абарҭ ауадаҩрақәа изрылҵуам. Убри аҟынтә,  ҳазынтәгьы ҳаидгылароуп,  ҳаицыҟазароуп.  Аидгылара мацаралоуп абри ахықәкы анагӡара шҳалшо. Аҵыхәтәантәи аамҭазы адемократиақәа апроблемақәа рацәа рызцәырҵит. Аха,  уезгьы,  Қырҭтәыла ахатә амҩа нанагӡоит.  Ҳара  атәылаҿ азинеиҟарареи,  ауаҩытәыҩса изинқәеи,  азакәан аиҳаӡареи,  аџьармыкьатә економикеи еиқәзыршәо аҧхықәрақәеи апринципқәеи ҳрызгәыкуп. Абри ахықәкырацәалатә, аспектрацәалатә азнеишьала иазҧхьагәаҭоуп аӡбаратә системеи, алхратә системеи, агәаанагара аарҧшреи  ахақәиҭра аиқәыршәареи, аҭышәынтәалареи, апрогнозҟаҵара алшареи“ – иҳәеит Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, 2012 шықәса анеҩс, атәылаҿы адемократиатә аиҭакрақәа ирылагӡаны, ареформақәа рацәа мҩаҧган, адемократиа аганахьала Қырҭтәыла ахәшьара бзиа аиуит.

„Евроеидгыла алалароуп ҳара хықәкыс иҳамоу. Ишыжәдыруа еиҧш, Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟаҳҵеит, уи ҳтәылеи ҳмилаҭи рхықәкы хадоуп.  Ибзиаӡаны ижәдыруеит ҳара европатәи аперспектива шҳауз, уи ала ишьақәырҕәҕәоуп ҳтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу. Ҳара, хықәкыла ҧхьаҟацара ҳаҿуп, аҵыхәтәантәи ҳхықәкы Евроеидгыла алалара иазкуп. Ҳара абри ахықәкала, абри ахырхарҭала ҧхьаҟацара наҳагӡоит, акандидат астатус аиуразы 12 абжьагарақәа наҳагӡоит. Иаҳзеиҧшу аҭоурыхи жәларбжьаратәи азинеиҿкаареи ибзиаӡаны иҳдырбеит аҭынчреи аҭышәынтәалареи адунеиаҿ альтернатива шрымам. Қырҭтәыла абарҭ апринципқәа ирықәныҟәоит, Европа Ахеилак аҟны, шәара шәҟны аусеицура ҳазыҧшуп “, – иҳәеит Ҕарибашвили.

 

Еиԥшу