Иракли Ҕарибашвили - Ҳтәылеи адунеи ирықәынхо ауриацәа Рош Ҳашан аныҳәа рыдысныҳәалар сҭахуп
Иракли Ҕарибашвили - Ҳтәылеи адунеи ирықәынхо ауриацәа Рош Ҳашан аныҳәа рыдысныҳәалар сҭахуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ауриацәа рныҳәамш – Рош Ҳашан рыдиныҳәалоит.

“Ҳтәылеи адунеи ирықәынхо ауриацәа Рош Ҳашан аныҳәа рыдысныҳәалар сҭахуп.

Ақырҭуааи ауриацәеи ашәышықәсарацәалатәи реиҩызара аҭоурых иҳабжьоу абзиабара ада абас еиԥш иҷыдахомызт. Иҳабжьоу абзиабара иабзоураны Қырҭтәыла иқәынхо ауриацәа рмилаҭтә хатәҷыдарақәа рыхьчара рылшеит.

Ари аныҳәамш рыдысныҳәалар сҭахуп, агәырӷьара дуи аҭынчреи, мышхәбзазареи ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит”, – иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿ.