Иракли Ҕарибашвили – Ҳара Азербаиџьан аҟны акыраамҭалатәи астратегиатә партниорра ҳамазар ҳҭахуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара Азербаиџьан аҟны акыраамҭалатәи астратегиатә партниорра ҳамазар ҳҭахуп

Ильҳам Алиеви сареи ҳаиҧылараҿы ахәаахәҭреи аекономикеи,  аенергетикеи, атранспорти, алогистикеи азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, Азербаиџьан Қырҭтәыла ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп.  Сынтәа атауареикәшара азҳаит 15 наӡынала, ҵыҧхтәи ашықәсгьы ари аганахьала зеиҧшҟамлац ала ибзиан, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Азербаиџбан ахада Альҳам Алиеви иареи Қарҭ еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Азербаиџьани акыраамҭалатәи астратегиатә партниорра рыбжьоуп. Қырҭтәыла,  Абжьаратә корридор апроектаҿ Азербаиџьани Казахстани рҟны еиқәшаҳаҭрала аус ауеит.

«Иара убас, ҳара Анаклиатәи абаҕәаза ҿыц аргылара ҳалагоит, аҵыхәтәантәи аетап ахыркәшара анеҩс, ари абаҕәаза шықәсыкала  100 миллион тонна аидара адкылара алшоит. Хара имгакәа ихыркәшахоит автомагистраль лас Мраҭашәара – Мрагылара аргылара.  Абарҭ апроектқәа зегьы рҿы ҳареи Азербаиџьани аус еицаауеит.  Иара убас, мызқәак рышьҭахь, аҭоурыхтә, астратегиатә ҵакы змоу апроект  —  Бақәа -Қарҭ – Ҟарс ихыркәшахоит, уи қәҿиарала аус аҳаруеит. Ҳара аперспектива бзиа ҳамоуп, акыраамҭалатәи ахәаҧшырақәа ҳамоуп. Азербаиџьан аҟны акыраамҭалатәи астратегиатә партниорреи аиҩызареи ҳамазар ҳҭахуп. Иаҳзеиҧшу ҳхәаҧшырақәа рыгәра згоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.