Иракли Ҕарибашвили  - Ҳара аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаицтәылауаа   агәра дҳаргароуп рҿиареи рхылҵи рзы альтернатива заҵәык шыҟоу, иаку иҕәҕәоу Қырҭтәылаҿ ақырҭцәа рыцынхара
Иракли Ҕарибашвили  - Ҳара аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаицтәылауаа   агәра дҳаргароуп рҿиареи рхылҵи рзы альтернатива заҵәык шыҟоу, иаку иҕәҕәоу Қырҭтәылаҿ ақырҭцәа рыцынхара

Ииашамыз аполитика ауп 90-тәи ашықәсқәа рзы атәылауаҩратә аиҿагылара, аишьцәа реибарҧсра  зыхҟьаз; аамҭала аҵакырадгьылқәа ҳцәыӡит. Анеҩс, 2008 шықәсазы агха еиҭаҟаҳҵеит, ихьанҭаӡаз апровокациа ҳзацәымцеит, уигьы ажәытәӡатә ҳҭоурыхтә дгьылқәа рымпыҵахалареи рызхаҵара аполитикеи ахылҵит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргараҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапахгаҩы ишиҳәаз ала, ампыҵахалара атәылазы ихьанҭаӡоу проблемоуп.

„Аиҳабыра еиқәдыршәаз жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргара наҳагӡоит. Иахьа ишәыдаагалоит аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр лхәаҧшырақәа.  Ҳажәлари ҳтәылеи рзы зегьы реиҳа зҵакы дуу, ихьанҭаӡоу проблемоуп ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара азҵаара, ампыҵахалара.  Ауаа ирҳәо ҳаҳауеит, аполитикцәа ргәаанагара аадыруеит, ҳара еишьҭаргыланы, апрогмативтә, аҭынчратә политика амҩаҧгара наҳагӡоит. Ҳшьаҿа цыҧхьаӡа аинаалара иазкызароуп. Имаҷымкәа агхақәа ҟаҵан,  уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит. Шәааи, гәаартыла ҳаицәажәап. Ҳтәыла ахьыҧшымра анеиҭашьақәгыла  раҧхьатәи амш инаркны имаҷымкәа агхақәа ҟаҳҵеит.   Ииашамыз аполитика ауп 90-тәи ашықәсқәа рзы атәылауаҩратә аиҿагылара, аишьцәа реибарҧсра  зыхҟьаз; аамҭала аҵакырадгьылқәа ҳцәыӡит. Анеҩс, 2008 шықәсазы агха еиҭаҟаҳҵеит, ихьанҭаӡаз апровокациа ҳзацәымцеит, уигьы ажәытәӡатә ҳҭоурыхтә дгьылқәа рымпыҵахалареи Урыстәылатәи афедерациа излагаз азхаҵара аполитикеи ахылҵит. Ҳаиҳабыра абри апроблема қәҿиарала аҭыҧқәҵара иаҿуп. Сара азхаҵамра аполитика ахырхарҭала ҳдипломатцәа имҩаҧырго аусура ауп сызлацәажәо, аха, ампыҵахаларала апроблема ҳуааҧсыра зегьы реиҳа изыргәамҵуа, игыло аҿар зегьы реиҳа изыргәамҵуа проблемоуп.  Ҳара ак ҳазхәыцроуп, изакәытә Қырҭтәылоу ҳхылҵ ирзаанҳажьуа; аполитикцәа ҳарзыӡырҩуеит, аха,  ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара иазку ареалтә хәыҧшырақәа, ареалтә аӡбарақәа, ажәалагалақәа маҷуп“, –  иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳаз ала, ауааҧсыра рсоциал-економикатә ҭагылазаашьа цәгьеи, аусурҭадареи, аҕарреи, аковидпандемиеи, аҵара аусхкы аҿы иҟоу аҳасабтәқәеи инрываргыланы, абри апроблемагьы аҧыжәара амазароуп.

„Ҳара хықәкыс иҳамоуп еишьҭаргылоу, апрогмативтә, аҭынчратә политика ала абри азҵаара аҭыҧқәҵара, ҳәарада, убри азыҳәан аконкреттә алҵшәақәа иҟазароуп. Ацәажәара мацара иазхом.  Ҳара, аполитикцәа,  ирацәаны ҳцәажәар ауеит, ҳааҟәымҵӡакәа аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааҧхьарақәа ҟаҳҵалар ауеит, аха, уи аамҭазы,  аконкреттә шьаҿақәа дҳарбароуп. Абри аҩыза шьаҿақәас иҟаҳҵарызеи, раҧхьа иргыланы, атәыла аҩнуҵҟа, ҳазхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы, ажәлар рыгәҭа акзаара шыҟоу дҳарбароуп. Иахьазы ҳажәлар рыгәҭа ахадаратә проблемақәа иреиуп акзаара, шәааи, иаартны иаҳҳәап, иахьазы акзаара ҳацәмаҷуп, ажәлар ианеидгылаз, ианыҕәҕәаз, Қырҭтәыла еснагь ақәҿиара аман“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ателеканалқәеи аполитикатә партиақәеи реиҳара, иахьа, атәыла аҧеиҧш иадҳәаланы еиҿкаау позициак рымам.

„Шәааи, ҳазхәыцып, иахьа аҧсуааи ауаҧсааи аҿар ақырҭуа телеканалқәа ианрыхәаҧшуа ирбои; дара есымша амчыларатә риторика иазыӡырҩуеит, ҳтәыла аҩнуҵҟа ацәымҕреи аибамчҳареи ауп ирбо. Атәыла аҧеиҧш иадҳәаланы изакәызаалак еиҿкаау позициак иҟам,  сара ателеканалқәеи аполитикатә партиақәеи реиҳара роуп сызлацәажәо. Хықәкыла, шьаҭада иаҧырҵо акризисқәеи, асаботажи, ауааҧсыреи атәылеи ирҿагылоу ачарҳәареи рыла ауаа есымша ирықәыҕәҕәалар рҭахуп. Абас ауп иахьа аҭагылазаашьа шыҟоу, иахьа шәареи ҳуааҧсыреи абри аҭагылазаашьа иазкны сшәацәажәар сҭахуп.  Нанҳәатәи аибашьра ибзиаҵәҟьаны изгәалашәо ауаҧс аҿар есымша ҳара ҳҟынтә изакәытә шьҭымҭақәоузеи ираҳауа, уигьы иазҧхьагәаҳҭароуп. Шәааи аиаша ҳҳәап, дара ибзиаҵәҟьаны ирбоит ҳара ҳхаҭа  иҟаҳҵаша макьана цқьа ишаҳзымдыруа, ҳаиҿкаам, ҳзеиқәшаҳаҭымхеит, аҧыжәара змоу ахадаратә проблемақәеи аҳасабтәқәеи рҳәаақәҵара ҳалшом, аекономикатә проблемақәа, аҕарра, аусурҭадара уҳәа, абри зегьы шыҳаӡбаша азы ҳзеиқәшаҳаҭымхеит.  Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа ахырхарҭала қәҿиарала иҟаҵаз ашьаҿақәа, ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра, авизадатә режим, НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс, аџьармыкьақәа раартра, аекономикатә азҳара уҳәа, ҳаиҳабыра 8 шықәса рыла иҟарҵаз рацәоуп. Аха, уи иазхом. Ҳара аҧсуааи ауаҧсааи агәра дҳаргароуп ҳаицынхара альтернатива шамам. Абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу. Анеҩстәи 10 шықәса рыҩнуҵҟа аиҳабырагьы, ажәларгьы, ҳазынтәгьы  есымша абри ахырхарҭала аус еицаауроуп“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, дызлацәажәаз ахықәкы анагӡаразы мҩак ауп иҟоу, аҿиареи мышхәыбзазареи.

„Сгәы ишаанаго ала, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы мҩа заҵәык ауп иҟоу – атәыла аҿиареи ҳуааҧсыра рмышхәыбзазареи. Ҳара ирыдаагалои. Иаартны иаҳҳәап, аҧсуааи ауаҧсааи иаҳа уадзыҧхьалаша аҭагылазаашьақәа рыдаагалароуп. Ишиашо, иаартны иаҳҳәап, иахьазы, ҳара, аинициативақәеи механизмқәаки рыда, акгьы рыдаагалом. Шәааи, иахьатәи алабҿабара ҳазхәыцып, сара аполитикашҟа сиасуеит, аха, ари азҵаара даҽазнык сахцәажәар сҭахуп, мызқәак раҧхьа, апарламенттә алхрақәа раан, ҳуааҧсыра реиҳара аполитикатә партиақәа жәба ирыдгылеит, абарҭ апартиақәа зегьы апарламент аҿы аусуразы мап ркит. Хәыҷык адамхаргьы, зыхшыҩ аҭыҧаҿы иҟоу ауаҩҧсы абри аҩыза алабҿабараҿы ақырҭуаа рыцынхара иҭаххома?! Сара апессимизм сылам, аха, иахьазы абас ауп аҭагылазаашьа шыҟоу, аҩызцәа, уи цқьа шәазхәыцыр сҭахуп. Европатәи америкатәи ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраара ала, ҳара, атәылаҿы цасҳәа, хықәкыла иаҧҵаз акризис алҵра ҳалшеит, апарламент аҿы анормалтә политикатә ҧсҭазаара шынаҳагӡо азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа, апандемиа уҳәа, апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵаразы аус еицаауеит ҳәа ҳҳәеит. Аха, уажәы ишаабо ала, абоикот инагӡоит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, ақырҭуаа рыцынхара хырҳагара шәзаанагоит, аперспектива шәоуеит ҳәа   аҧсуааи ауаҧсааи агәра ргаратәы аҟаҵара  ҳцәыуадаҩхоит, ҳара ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруеит апроблемақәа даараӡа ишырацәоу. Аекономикатә проблема, аҿиара, аусурҭадара, уҳәа…Убри аҟынтә, сара еиҭасҳәар сҭахуп, ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы амазароуп аҿиареи ареалтә мышхәыбзазареи. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалазароуп. Кыраамҭалатәи аполитикатәи аекономикатәи ҭышәынтәалара, абри ауп ҳтәылауаа  рпроблемақәа рыӡбареи, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа цәгьа алҵреи, аҭаацәара цыҧхьаӡа мышәхыбзазара рзеиқәыршәареи ҳалзыршо.  Убасҟан мацароуп  Қырҭтәыла аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа  рыдыҧхьалара аналшо. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит, Асовет Еидгыла ахаан Аҧсни Аҟәеи Амшын еиқәа Аривиера ҳәа иашьҭан. Абри алабҿабара архынҳәра аперспектива алацәажәара зыҟамлои?! Ареалтә аҿиарала, ареалтә проектқәа рыла. Абри зегьы ҳнапаҿы иҟоуп, аҩызцәа… Ҳара аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаицтәылауаа агәра дҳаргароуп рҿиаразы, рхылҵ рҧеиҧш аиқәыршәаразы альтернативак мацара шыҟоу – иаку, иҕәҕәоу Қырҭтәылаҿ ақырҭуаа рыцынхара. Ҳара ҳдәныҟатәи политика аҽаҧсахуам, абри апроцесс нагӡахоит, ҳтәыла Евроеидгыла иалахәызароуп, уи азы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп 2030 шықәсанӡа Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ибзианы ақырҭшәала ицәажәаратәы аҟаҵара.

„Иахьазы ҳтәылауаа рацәа ақырҭшәла изцәажәом, изыҩуам, абри апроблема даараӡа саргәамҵуеит.  Шәааи, иаартны иаҳҳәап, уи проблемоуп.  Абраҟа ақәҿиара змоу ҳпарламентарцәа збоит, ҳтәылауаа азербаиџьанцәа,  дара ицқьаӡаны ақырҭшәала ицәажәоит.  Аихьӡарақәа змоу аҿар иҟоуп.  Дара рџьабааи, рҵареи, рдырреи абзоуралоуп абри ақәҿиара шроуз, Қырҭтәыла апарламент алахәылацәас иҟалеит. Уаанӡагьы акариера бзиа рыман. Уажәы аконкреттә ҿырҧштәык ауп сызлацәажәо. Апарламент аҿы абарҭ иреиҧшу аҿар рацәазар  сҭахуп.  Аминистррақәа рҿы, министрцәаны, аминистрцәа рхаҭыҧуааны….Убри азыҳәан, раҧхьа иргыланы, ибзиаҵәҟьаны ақырҭуа бызшәа рдыруазароуп. Шәааи, хықәкыс иҟаҳҵап,  2030 шықәсанӡа   Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ибзиаҵәҟьаны ақырҭшәала ишәажәаратәы иҟаҳҵап.  Уигьы аконкреттә аҳасабтәқәа иреиуп. Азербаиџьани ашәамахьи ҳтәылауаа ари азҵааразы изныкымкәа срацәажәахьеит, дара абызшәа аҵара алагара иазыхиоуп, аҳәынҭқаррагьы абри ахырхарҭала аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵаразы ихиоуп. Дара абызшәа рҵар рҭахуп, ҳара абри ахықәкы анагӡаразы алшарақәа зегьы рзеиқәҳаршәароуп  – аҵара бзиеи зхаҭабзира ҳараку агәабзиарахьчареи ахархәара алшара рзеиқәҳаршәароуп, дара асоциал-економикатә проектқәа ирылахәызароуп“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргара мҩаҧылгеит аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы ҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани. Ауснагӡатә аҿы иҟан анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, адипломатиатә корпуси жәларбжьааратәии аҭыҧантәии аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи.