Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵеит иахьа ҳтәылаҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳара дуи иҟазарц азыҳәан.
Иракли Ҕарибашвили - Ҳаиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵеит иахьа ҳтәылаҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳара дуи иҟазарц азыҳәан.

Ҳаиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵеит иахьа ҳтәылаҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳара дуи иҟазарц азыҳәан, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Амилаҭтә банк ахада иусура аихшьаалатә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аиҳабыра иаҭахыз зегьы ҟарҵеит атәылаҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳара дуи иҟазарц азыҳәан.

“Ҳаиқәшаҳаҭны имҩаҧаагаз аусуреи,  аиҳабыра иҟарҵаз ииашоу, алҵшәа зхылҵыз ашьаҿақәеи,  иара убас, ҳаҭыр зқәу Коба иконструктивтә азнеишьеи абзоурала, 2021 шықәсазы, зкомпетенциа дуу ауаа атәыла адефолт иазыҧшуп ҳәа анырҳәоз, ҳара ари ашықәс ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала ахыркәшара ҳалшеит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр .