Иракли Ҕарибашвили - Ҳаидгылар, аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ҳалшоит
Иракли Ҕарибашвили - Ҳаидгылар, аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ҳалшоит

«Ҳаидгылар, европатәи аконтинентаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ҳалшоит», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Европа Ахеилак асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз адебатқәа рҿы иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит  Қырҭтәыла адемократиа ахадаратә принципқәеи европатәи аҽазышәарақәеи ишрызгәыку.

«Европатәи алидерцәа рыгәҭа, саргьы, Европа Ахеилак асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз  адебатқәа срылахәын, ҳара абри атема ҳалацәажәеит: «Европазы ҳҽеидаҳкылоит». Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәеит  Қырҭтәыла адемократиа ахадаратә принципқәеи европатәи аҽазышәарақәеи ишрызгәыку. Ҳаидгылар, европатәи аконтинентаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ҳалшоит», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.