Иракли Ҕарибашвили Франциа ахадеи иҧҳәыси рыхьӡала имҩаҧгаз уаххьаҿы дыҟан 
Иракли Ҕарибашвили Франциа ахадеи иҧҳәыси рыхьӡала имҩаҧгаз уаххьаҿы дыҟан 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Франциа ахада − Еммануел Макрони иҧҳәыс − Бриџьит Макрони рыхьӡала имҩаҧгаз уаххьаҿы дыҟан.

Аиҳабыра радминистрациа адыррала, Елисеитәи аханаҿ  „Парижтәи Аҭынчра афорум“ иалахәы аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәа рнапхгаҩцәеи  раҳаҭыр аҟынтә уаххьа мҩаҧган.

Қырҭтәыла аҧыза-министр, Франциа ахада Еммануел Макрон иааҧхьарала, абҵара 8 рзы аусуратә визитла Франциаҟа ддәықәлеит.