Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи атәылақәа рҿы Америкатәи Жәларбжьаратәи аҿиара агентра  администратор ихаҭыҧуаҩ Ерин Макки 
Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи атәылақәа рҿы Америкатәи Жәларбжьаратәи аҿиара агентра  администратор ихаҭыҧуаҩ Ерин Макки 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи атәылақәа рҿы Америкатәи Жәларбжьаратәи аҿиара агентра  (USAID) администратор ихаҭыҧуаҩ  – Ерин Макки  дылҧылеит. 

Аиҧылараҿы ҩ-тәылак уажәтәи русеицуреи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит, урҭ рыбжьара  – ахәаахәҭреи аекономикеи  ахырхарҭалагьы. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Америкеи рпартниорра иаҳа арҕәҕәара ахьыҟало аусхкқәа ирзааҭгылеит. 

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә еизыҟазаашьақәа рҵаки урҭ рырҭбаара ахымҧадареи. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла имҩаҧгаз аусура ду. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, атәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз иаҭаху зегьы ҟанаҵоит. 

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ − Робин Данниган, Европеи Евразиеи абиуро аҿы Америкатә Жәларбжьаратәи аҿиара агентра администратор ихаҭыҧуаҩ − Ерин Елизабет Макки,  Қырҭтәыла иҟоу Америкатә Жәларбжьаратәи аҿиара агентра амиссиа адиректор − Џьон Пенели, Америка ацҳаражәҳәарҭа аполитика/економикатә зҵаарақәа рзы асекциа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ − Аарон Руперти. Қырҭтәыла аган аҟынтә аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр − Илиа Дарчиашвили.