Иракли Ҕарибашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет алахәылацәа дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет алахәылацәа дырҧылеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиеи русеицура аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьеи ааигәа имҩаҧысраны иҟоу ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәеи ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла анапхгара, зхы иақәиҭу ииашоу алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп, алхрақәа рахь аарыҧхьахьеит иакымкәа зыхьӡ дуу жәларбжьратәи анаҧшратә аиҿкаарақәа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Европа Ахеилак амониторингтә комитет ажәахәҟаҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит адемократиатә реформақәа рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла иахьацхраауа азыҳәан.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьагьы, ари аганахьала ишазгәаҭаз ала, Европа Ахеилак адгылара крызҵазкәа ароль нанагӡоит аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара апроцесс аҿы. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара аҵакы, иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада иконсолидациатә аҳасабырба  – „Аимак Қырҭтәылаҿы“, иара убас, Апарламенттә Ассамблеиа иаднакылаз Қырҭтәыла адгыларатә резолиуциақәеи иҳаракны  рыхә ршьоит.

Европа Ахеилак амониторингтә комитет аделегациа иалоуп: Титус Корлатеан  – ажәахәҟаҵаҩы, румынтәалатәи „Асоциалистцәа ргәыҧ“, Клод Керн – ажәахәҟаҵаҩы, франциатәи  „Алибералцәеи адемократцәеи ралианс Европазы“ , Бас Клеин  – Европа Ахеилак амониторингтә комитет амаӡаныҟәгара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ.