Иракли Ҕарибашвили – Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла акандидат астатус аиуп ҳәа сышгәыҕуа
Иракли Ҕарибашвили – Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла акандидат астатус аиуп ҳәа сышгәыҕуа

«Аҧыза-министр Виктор Орбани сареи аиҧылара бзиа ҳаман, ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит, аекономикеи, ахәаахәҭреи, ашәарҭадареи, ахыхьчара азҵаареи, аҵареим акультуреи уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла аконкреттә қәҿиарақәеи апрогресси ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили.

Венгриатәи иколлега Виктор Орбани иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара анырга инаркны  иахьанӡа,  Қырҭтәыла, евроинтеграциа апроцессаҿ апрогресс ду амоуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы игәаанагарала, Қырҭтәыла акандидат астатус ахәҭоуп.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, избанзар уи Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәазыҳәароуп.