Иракли Ҕарибашвили Братислава Аглобалтә шәарҭадара афорум аартратә уснагӡатә ихы алаирхәит 
Иракли Ҕарибашвили Братислава Аглобалтә шәарҭадара афорум аартратә уснагӡатә ихы алаирхәит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Братислава Аглобалтә шәарҭадара афорум  (GLOBSEC) аартратә уснагӡатә ихы алаирхәит.

Рашәара  2-4 рзы Словакиа аҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуа афорум ааиртит GLOBSEC ахада Роберт Вас. Аартратә уснагӡатә аҿы асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Словакиатәи ареспублика ахада Зузана Чапутовеи, Украина ахада Владимир Зеленскии, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени.

GLOBSEC  2022 шықәсатәи 17-тәи афорум аҿы иалацәажәоит адунеи ашәарҭадареи, атәылақәа рҭагылазаашьа арҕәҕәареи, Украина ацхрааразы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи, европатәи агәылара арҕәҕәареи, атәылақәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы мраҭашәаратә ресурсқәа реидкылареи.

Афорум аартратә уснагӡатә рхы аладырхәит Словакиатәи ареспублика аҧыза-министр  Едуард Ҳагери, афорум иалахәы аделегациақәа рнапхгаҩцәеи, аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәеи.  GLOBSEC 2022 иалахәып 67 ҳәынҭқарра рделегациақәа, урҭ рыгәҭа – 10ҩык атәылақәа рхадацәеи рҧыза-министрцәеи, иара убас, афорум иалахәып еиуеиҧшым атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи ртәылахьчара аминистрцәеи.