Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантә аиустициа аминистр диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантә аиустициа аминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аиустициа аминистр  Фиқреҭ Мамедов диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи, апартниорра арҭбаара аперспективақәеи, иара убас, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев Қырҭтәыла имҩаҧигаз аҵыхәтәантәи авизит аҵаки иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ари авизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәылеи Азербаиџьани иалкаау аизыҟазашьақәа шрыбжьоу, иара убас, ишырҳәаз ала, ари авизит ҩ-тәылак русеицура арҭбааразы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан аимак аҭыҧқәҵаразы адиалог иамоу аҵакы ду. Иара убас, ишырҳәаз ала, Аҭынчратә аигәыларатә инициатива – агәреибагара аизырҳаразы ашьҭа ҕәҕәас иҟалар ауеит.

Хшыҩзышьҭра рызун атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа. Ишазгәаҭаз ала, Азербаиџьан Қырҭтәыла ахәаахәҭратә партниорцәа рыбжьара аҧхьагылара амоуп, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи ишазыхиоу.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылра рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьантәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡеи.

Азербаиџьан аиустициа аминистр Қырҭтәыла даҭааит Ақырҭуа-азербаиџьантәи азинтә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.  Ари афорум, раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит Қырҭтәылеи Азербаиџьани Аиустициа аминистррақәа рхылаҧшрала.