Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит. 

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра ҕәҕәеи ашәышықәсарацәалатә аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит. 

Иара убас, аиҧылараҿы, зҵакы дуу арегионалтә проектқәа ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, 2023 шықәса ажьырныҳәа-цәыббратәи адыррақәа рыла, Азербаиџьан Қырҭтәылазы ахадаратә ахәаахәҭратә 5 партниор-тәылак иреиуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишиашо аинвестициақәа рыдаҧхьалара ахырхарҭала аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәагьы ирылацәажәеит. 

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, Азербаиџьан аҟны аусеицура ҕәҕәа ала, азеиҧш интересқәа ирышьашәаланы, аенергошәарҭадара азҵаарақәа рзы арегионалтә усеицура арҭбаара иазыхиоуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла-Ҭырқәтәыла-Азербаиџьан х-ганктәи аусеицура аҵакы иалацәажәеит. 

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Азербаиџьантәи ареспублика Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, азхаҵамра аполитикеи иахьадгыло азыҳәан. Иара убас, Иракли Ҕарибашвили Али Асадов изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Азербаиџьантәи ареспублика аҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло. 

Хшыҩзышьҭра азун арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара аҵакы. 

Аиҳабыра рнапахгаҩы Али Асадов ҭабуп ҳәа иеиҳәеит „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы, иара ишазгәеиҭаз ала, адунеиаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа иазҧхьагәаҭаны, ари ауснагӡатә иактуалуп, аҵакы ду амоуп.