Иракли Ҕарибашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада дылԥылеит
Иракли Ҕарибашвили Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада дылԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Аусецуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада Пиа Каума дылԥылеит.

Аҧыза-министр прессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ҕарибашвили Пиа Каума Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахадас лалхра лыдныҳәаланы, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиаҟны қәҿиарала аусеицура анагӡара шаҳаҭу.

“Аганқәа рхаҭарнакцәа 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, жәларбжьаратәи астандартқәа рыла, иреиҕьу адемократиатә практика иашьашәаланы, иаарту, зхы иақәиҭу, ииашоу апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара иазҿлымҳауп, ари азҵаара аҵакы ҷыда анаршьоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аинститутқәеи, урҭ рыбжьара – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаарагьы рхаҭарнакцәа рыла алхрақәа рмониторинг аиқәыршәара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара иалацәажәеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу абжьагара аҭоурыхтә ҵакы амоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аҭагылазаашьагьы иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, агәылацәа рыбжьара акоммуникациеи арегионаҿ аҭышәынтәалара аиқәыршәареи ахырхарҭала акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟанаҵахьеит, наҟ-наҟгьы арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аус аҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.

Аиҧылара алахәылацәа Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа рҿы аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит ари аиҿкаара арегионаҿ аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара азҵаарақәа рызҿлымҳаразы”, – аарыцҳаит аҧыза-министр прессмаҵзура аҟынтә.