Ҳаитәылауаа ауриацәа, аҭоурыхтә аҧсадгьылахь Израильҟа ихынҳәыз ҳашьцәа, ауриа жәлар зегьы гәыкала ирыдысныҳәалоит Ханука аныҳәамш ду, – иҩит Иракли Ҕарибашвили Facebook аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иышазгәеиҭаз ала, ақырҭуааи ауриацәеи ашәышықәсарацәалатә реиҩызареи ҳтәыла иқәынхо ауриацәа иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿираҿы иҟарҵо алагала дуи – Қырҭтәыла аҭоурыхи ауаажәларратә ҧсҭазаареи иузалымхуа хәҭоуп.
«Ақырҭуааи ауриацәеи ашәышықәсарацәалатә реиҩызареи ҳтәыла иқәынхо ауриацәа иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿираҿы иҟарҵо алагала дуи – Қырҭтәыла аҭоурыхи ауаажәларратә ҧсҭазаареи иузалымхуа хәҭоуп.
Иахьатәи абиҧарақәа ҳаешьара иаҳа идырҕәҕәароуп, Қырҭтәылеи Израили русеицура иаҳа идырҭбаароуп, дара уи азыҳәан аҭак рыҧхықәуп.
Гәыкала шәгәырҕьара шәыцеиҩысшоит, аҭынчреи мышхәыбзазареи, аҿиареи шәзеиҕьасшьоит», — иҩит аҧыза-министр.