Иракли Ҕарибашвили  ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ахада Роберт Спано диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ахада Роберт Спано диҧылеит

Қырҭтәылеи Европатәи аӡбарҭеи қәҿиарала русеицуреи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит  аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ахада Роберт Спанои реиҧылараҿы.

Аиҧылараҿы ишазгаҭаз ала, 2022 шықәса хәажәкыра 31 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Европатәи аӡбарҭаҿы Қырҭтәыла иадҳәаланы 130 раҟара ашшыҧхьыӡқәа ирыхәаҧшит, уи аҭоурых аҿы зеиҧшҟамлац ала илаҟәу арбагоуп.  10 шықәса раҧхьа Европатәи аӡбарҭаҿы   3-4 нызқь раҟара ашшыҧхьыӡқәа ирыхәаҧшуан. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Европатәи аӡбарҭа астатистикатә дыррақәа рылагьы иубарҭоуп  ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала амилаҭтә аҩаӡараҟны  аҭагылазаашьа шеиҕьхаз. Страсбургтәи аӡбарҭашҟа иалагалоу ашшыҧхьыӡқәа рмаҷхара – аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәыла аиҳабыра қәҿиарала имҩаҧыргаз ареформақәа ирыбзоуроуп.

Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аҭоурыхтә ақәҵара. Ари ақәҵарала даҽазнык ишьақәырҕәҕәоуп Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рымпыҵахалара. Иракли Ҕарибашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла ари аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара аполитика ишақәныҟәо.