Иракли Ҕарибашвили - Атәылауаа зегьы, ирымоу аполитикатә гәаанагарақәа ирыхәамҧшыкәа, азакәан анагӡара иаҿамгылароуп
– Атәылауаа зегьы, ирымоу аполитикатә гәаанагарақәа ирыхәамҧшыкәа, азакәан анагӡара иаҿамгылароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз
Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иазгәеиҭеит “Ника Мелиа ацәгьауҩы иоуп” ҳәа.
“Иацы Ника Мелиа изҵаара сазааҭгылеит. Даҭазнык иазгәасҭарц аҭахуп, Ника Мелиа ацәгьауҩы иоуп, ари аӡбамҭа аӡбарҭа аднакылеит.
Ҳара азинтә ҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп. Атәылауаа зегьы, ирымоу аполитикатә гәаанагарақәа ирыхәамҧшыкәа, азакәан анагӡара иаҿамгылароуп,” – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.