Иракли Ҕарибашвили – Атәыла астатус анаиулак, уи ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари ирыбзоурахоит, избанзар, ҳара ажәлар рыхьӡала, ажәлар рзы аус аауеит
Иракли Ҕарибашвили – Атәыла астатус анаиулак, уи ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари ирыбзоурахоит, избанзар, ҳара ажәлар рыхьӡала, ажәлар рзы аус аауеит

Аоппозициа даараӡа иҧсыҽуп, заанаҵы рхы дықьиар рҭахуп, астатус аиура ажәлар ирыбзоурахоит ҳәа  рхы иадырхәо аргументқәа даараӡа иҧсыҽуп. Ҳара ажәлар иалырхыз аиҳабыра ҳауп, ҳара, аиҳабыра, ажәлар иҳадырҵаз наҳагӡоит. Атәыла астатус анаиулак, уи ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари ирыбзоурахоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иҳәамҭала, ишубарҭоу ала, аоппозициа ахаҭарнакцәа ирдыруеит астатус аиура аганахьала адинамика бзиа шыҟоу.

„Аоппозициа даараӡа иҧсыҽуп, атәыла астатус аиур ҳәа ауп ишырҳәо  – ишубарҭоу ала, дара ибзианы ирдыруеит астатус аиура аганахьала адинамика бзиа шыҟоу, сара макьана уаҳа акгьы сҳәом,  – дара заанаҵы рхы дықьиар рҭахуп, астатус аиура ажәлар ирыбзоурахоит ҳәа  рхы иадырхәо аргументқәа даараӡа иҧсыҽуп.   Ҳара ажәлар иалырхыз аиҳабыра ҳауп, ҳара, аиҳабыреи, хаҭала сареи  ажәлар иҳадырҵаз наҳагӡоит.  Ҳара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит, авизадатә режим ҳауит, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылеит, европатәи аперспектива ҳауит.  Саломе Зурабишвили лоума, аоппозициаа роума, дарбанзаалак атәылаҿ абри аҩыза ақәҿиара иреиҧхыӡуамызт.  „Ақырҭуа гәахәтәи“ атәыла анапхгареи роуп абри зегьы ҟазҵаз. Атәыла астатус аниаулак, ҳәарада, уи атәыла анапхгареи ҳажәлари ирыбзоурахоит, избанзар, ҳара,  жәлар рыхьӡала, ажәлар рзы аус аауеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.