Иракли Ҕарибашвили арратә маҵзуҩцәа ауадақәа рырҭара иадҳәаланы – Ҳара, ҳааин, иаҳҳәан, иҟаҳҵеит
Иракли Ҕарибашвили арратә маҵзуҩцәа ауадақәа рырҭара иадҳәаланы – Ҳара, ҳааин, иаҳҳәан, иҟаҳҵеит

Атәылахьчара аминистрс аусуреи шәымаҵ ауреи  сара сзы ҳаҭыр дуун; иахьа ҳара, гәырҕьарала,  500 раҟара аҭаацәарақәа ауадақәа раҳҭоит, аҳәынҭқарра уи азы аҧхықәра ахы аднаҵеит  2007 шықәсазы, ҳполитикатә гәыҧ амчра анырга инаркны абри аҧхықәра анагӡара ҳаҿуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили Варкеҭили, арратә ақалақь аҿы, уаҟа атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи иареи арратә маҵзуҩцәа ауадақәа рырҭеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы арратә маҵзуҩцәа амаҵзура бзиазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

„Ҳгәы зыздуу ҳаруаа, шәызынтәгьы салам шәысҭоит, шәҭаацәарақәеи, шәхылҵи, шәыҳәсацәеи, шәҭаацәеи салам рысҭоит, ҳтәылазы иҟашәҵо зегьы азы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп; атәылахьчара аминистрс аусуреи шәымаҵ ауреи  сара сзы ҳаҭыр дуун; иахьа ҳара, гәырҕьарала,  500 раҟара аҭаацәарақәа ауадақәа раҳҭоит, аҳәынҭқарра уи азы аҧхықәра ахы аднаҵеит  2007 шықәсазы, ҳполитикатә гәыҧ амчра анырга инаркны абри аҧхықәра анагӡара ҳаҿуп.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аганахьала проблемақәак шыҟаз здыруеит, аха, ҳара, ҳааин, иаҳҳәан, иҟаҳҵеит, иахьа  500 раҟара аҭаацәарақәа ауадақәа роуеит.  Абри ахҭыс шәыдысныҳәалоит, шәмаҵзура бзиа азы,   ҳаҧсадгьыл азы иҟашәҵо зегьы азы даҽазнык гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп.  Абрааҵәҟьа ҳаҭыр дула исгәаласыршәар сҭахуп ҳаҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз, фырхаҵарыла иҭахаз ҳаруаа, урҭ среихырҳәоит. Ҳфырхацәа ҧсра рықәымзааит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш“, – иҳәеит аҧыза-министр арратә маҵзуҩцәа рҿаҧхьа данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, атәылахьчара аминистри Атәылахьчратә мчқәа рҧызеи дрыцны, анхарҭа ҿыцқәа ибеит, анеҩс, арратә маҵзуҩцәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа драцәажәан, ауада ҿыцқәа раиура рыдиныҳәалеит.

Варкетили иҟоу арратә ақалақь аҿы ауадақәа роуит  500-ҩык раҟара арратә маҵзуҩцәа. Атәылахьчаратә мчқәа рмаҵзуҩцәа ироуз ауадақәа акаркас шкәакәа аҭагылазаашьаҿы иҟоуп. Анхарҭақәа реизшара апроцесс мҩаҧган аҵәҭаҧсара ала. Хара имгакәа, анхарҭатә корпус иаҧну аҵакырадгьыл аҿы, зылшаарақәа маҷу ауааҧсыра рзы  апандусқәа ҟарҵоит.