Иракли Ҕарибашвили – Аҧкратә уснагӡатәқәа ирыдҳәаланы ҳтәыла апозициа жәларбжьаратәи ауаажәларра апозициа иеиҧшуп, ҳаиҳабыра рпозициа амилаҭтә интересқәа ирыдҳәалоуп
«Урыстәылазы аҧкратә уснагӡатәқәа ирыдҳәаланы ҳтәыла апозициа жәларбжьаратәи ауаажәларра апозициа иеиҧшуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, 2014 шықәса инаркны, Қырҭтәыла, Ҟрыми Севастополи рзы Евроеидгыла имҩаҧнаго аҧкратә уснагӡатәқәа ирылахәып.
«Сынтәа, жәабран 28 рзы, Қырҭтәыла, Донецкии Луганскии рзы Евроеидгыла ишьақәнаргылаз аҧкратә уснагӡатәқәа рхы аланархәит. Атәылақәа рацәа, Қырҭтәыла иеиҧшҵәҟьа, асанкциақәа ирыдҳәаланы абри аҩызаҵәҟьа апозициа рымоуп. Изыҩыз ашәҟәы аҟны ари ахырхарҭала ҳаиҳабыра имҩаҧырго ауснагӡатәқәа зегьы инарҭбааны срылацәажәеит, насгьы, изныкымкәа исҳәахьеит асанкциақәа ирыдҳәаланы ҳтәыла апозициа, раҧхьа иргыланы, атәыла аинтересқәа ишрыдҳәалоу. Раҧхьа иргыланы, ҳтәылауаа рыхьчареи ҳҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи ауп ҳзызхәыцша», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.