Иракли Ҕарибашвили Анкарантә Ҳатаи апровинциашҟа, Анҭақиа ақалақьахь ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили Анкарантә Ҳатаи апровинциашҟа, Анҭақиа ақалақьахь ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Анкарантә Ҳатаи апровинциашҟа, Анҭақиа ақалақьахь ддәықәлеит.

Анкаратәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза Есенболантә аиҳабыра рнапхгаҩы днаскьаргеит Анкара агубернатор ихаҭыҧуаҩ Мураҭ Соиҕуми, Анкара ахада инапынҵақәа назыгӡо Серџьан Чиҕгиними, Анкара ажандармериа акомандаҟаҵаҩцәа реиҳабы ихаҭыҧуаҩ Уҕур Урҳани, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҩ-ганктәи аполитикатә зҵаарақәа рзы агенералтә директориат агенералтә директор Гоқан Ҭурани. Анҭақиа ақалақьахь идәықәлаз Иракли Ҕарибашвили аделегациа ицуп.