Иракли Ҕарибашвили Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Робин Данниган дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц - Робин Данниган дылҧылеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  − Робин Данниган дылҧылеит.

Иракли Ҕарибашвили Робин Данниган Қырҭтәыла адипломатиатә миссиа алагара лыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Иеиду Америкатә Штатқәеи рстратегиатә партниорра иалацәажәан, уажәазы актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы ргәаанагара еибырҳәеит; ишазгәаҭаз ала, аганқәа, атәылақәа рыбжьара аганрацәалатә стратегиатә партниорра иаҳа арҭбаареи арҕәҕәареи иазыхиоуп.

Хшыҩзышьҭра рызун адунеиаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи ашәараҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи. Арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа ианрылацәажәоз Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аус аҿы ахатә алагала аҟаҵара еснагь иазыхиоуп.

Иракли Ҕарибашвили Робин Данниган длацәажәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҧыжәарақәа иреиу − Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиура аҵакы азы. Аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ илзеиҭеиҳәеит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла имҩаҧгоу ареформақәеи ирыдыркылаз аҧсахрақәеи ирызкны. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла имҩаҧгоу ареформақәа иахәҭоу азхаҵара роуп ҳәа дгәыҕуеит.

Аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ҭабуп ҳәа леиҳәеит  Америка ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҧылара ашьҭахь Робин Данниган ишылҳәаз ала, Америка ахада Џьо Баидени, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени, егьырҭ ауааҧсыреи Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара апартниорреи аиҩызареи иаҳа арҕәҕәара иахыццакуеит.

„Аҧыза-министр иҟны иахьатәи аиҧылара иҳаракны ахә сшьоит. Сара аҧыза-министр иасҳәеит Америка ахада Џьо Баидени, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени, егьырҭ ауааҧсыреи Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара апартниорреи аиҩызареи иаҳа арҕәҕәара ишахыццакуа. 31 шықәсатәи ҳаиҩызареи ҳпартниорреи  иалагӡаны, Иеиду Аштатқәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Қырҭтәыла иацхраауеит – аҵареи агәабзиарахьчареи аусхкқәа рҿы, иара убас, аинфраструктура аҿиараҿы. Ақырҭуа аруаа Афганистани, Ираҟи, Косовои америкатә аруаа ирывагылан.

Иара убас, сара аҧыза-министр иасҳәеит Мраҭашәарашҟа, Евроеидгылеи НАТОи рышҟа Қырҭтәыла аинтеграциа адгылара сшахыццакуа. Сара ҳажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәеи ҳекономикатә еизыҟазаашьақәеи иаҳа исырҭбаар сҭахуп, убри аҟынтә, абри атәылеи ақырҭуа жәлари иаҳа еиҕьны издыруазар сҭахуп“,- илҳәеит Робин Данниган.