Иракли Ҕарибашвили акриптовалиутатә биржа Binance ашьаҭаркҩи анагӡаратә директор хадеи диԥылеит
Иракли Ҕарибашвили акриптовалиутатә биржа Binance ашьаҭаркҩи анагӡаратә директор хадеи диԥылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили адунеи идуӡӡоу акриптовалиутатә биржа – Binance ашьаҭаркҩи анагӡаратә директор хадеи  Чангпенг Жао диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи афинанстә технологиақәа рцентрс ашьақәгылареи, Қырҭтәыла астратегиатә ҭыҧи, атәыла аиҳабыра рыла аиновациақәа рызҿлымҳареи аҵакы. 

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит атәылашҟа излауа ала ирацәаны ишиашоу атәым инвестициақәа рыдаҧхьаларазы, Қырҭтәыла азакәанҧҵара акриптобиржа арегулиациазы ихиоуп.  

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, Амилаҭтә банк авице-ахада Папуна Лежавеи.