Иракли Ҕарибашвили Аглобалтә партниорра асаммит  «Иаарту аиҳабыра» ихы алаирхәит
Иракли Ҕарибашвили Аглобалтә партниорра асаммит  «Иаарту аиҳабыра» ихы алаирхәит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Аглобалтә партниорра асаммит «Иаарту аиҳабыра» (OGP) ихы алаирхәит. Аиҧылараҿы иқәгылеит OGP Анаҧхгаратә комитет алахәылацәеи егьырҭ алидерцәеи, урҭ рыбжьара, Америка ахада  Джо Баидени, Канада  аҧыза-министр Джастин Триудои, Франциа ахада Еммануел Макрони, Аладатәи Кореиа ахада  Мун Чже Ини, иара убас, Естониеи, Украинеи, Мароккои, Еквадори рлидерцәеи.

Иқәгылара аан, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, иаҵшьны иазгәеиҭеит иаарту анапхгараҭареи адемократиеи аганахьала аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла атәылаҿы иҟоу аихьӡарақәа, иара даҽазнык иазгәеиҭеит  Қырҭтәыла апартниорра апринципқәа ишрызгәыку.

«Апартниорра ашьаҭаркра инаркны жәашықәса анҵы, иаразнактәи алҵшәақәа рҟынтәи ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа еиҕьазтәша алҵшәақәа рышҟа аиасра иаамҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Иаарту анапхгараҭара аиқәыршәара мариам. Убри аҟынтә, абри ахырхарҭала ҳҽазышәарақәа еидаҳкылароуп.  Иаарту абиуџьет инаваргыланы, ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа еиҕьазтәша егьырҭ ахырхарҭақәагьы хшыҩзышьҭра ҷыда рзутәуп.  Адемократиа азнеишьа ҧсахтәуп: апандемиа ибзианы иҳнарбеит шықәсқәак раҧхьа аартызаареи аҳасабырбареи мацара ирыдҳәалаз азҵаарақәа иахьа ауаа рыҧсҭазаара аиқәырхара ишадҳәалоу, иахьа абри ақәҧаразы иаҳа иҭышәынтәалоу адемократиа аҭахуп.  Имҩаҧгоау аусура азгәаҭара адагьы, ҳара, ҳҽеидкыланы,  ҳаҧхьаҟа иаҳзыҧшу ҳазхәыцроуп, аамҭа ҿыц аан аиҳабырақәа иҟарҵаша ҳазхәыцроуп. Иаҳа еиҕьу адемократиа аҧҵара азҵаара  Апартниорра иалахәы аҳәынҭқаррақәа роуп изхьыҧшу», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аглобалтә саммит ҧхынҷкәын  15-17 рзы имҩаҧысуеит.

Жәларбжьаратәи аинициатива Апартниорра  «Иаарту аиҳабыра» иалахәып  78 ҳәынҭқарра.  2018 шықәсазы Қарҭ  имҩаҧган   OGP  ахәбатәи аглобалтә саммит.