Иракли Ҕарибашвили – Аӡәы аҧыза-министр афарс далахәып, аполитика иалҵхьоу ауаҩҧсы идҵақәа наигӡоит ҳәа аниҳәо, уи сара сымацара сакәымкәа, аҳәынҭқарра аҳаҭыр ланаҟәоит
Иракли Ҕарибашвили – Аӡәы аҧыза-министр афарс далахәып, аполитика иалҵхьоу ауаҩҧсы идҵақәа наигӡоит ҳәа аниҳәо, уи сара сымацара сакәымкәа, аҳәынҭқарра аҳаҭыр ланаҟәоит

«Аӡәы аҧыза-министр афарс далахәып, аполитика иалҵхьоу ауаҩҧсы идҵақәа наигӡоит ҳәа аниҳәо, уи сара сымацара сакәымкәа, аҳәынҭқарра аҳаҭыр ланаҟәоит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  аоппонентцәа адеолигархизациа иадҳәаланы иҟарҵо аҳәамҭақәа иаҳаҭыр ладырҟәоит.

«Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟоу ҳоппонентцәа адеолигархизациа ианалацәажәо, уи саҳаҭыр ланарҟәоит. Аконституциатә теориеи апрактикеи инақәыршәаны, апарламенттә республикаҿы атәыла дахагылоуп аҧыза-министр, иара иоуп  иҧхықәрақәа рынагӡаразы ажәлар рҿаҧхьа аҭак зыҧхықәу.  Аӡәы аҧыза-министр афарс далахәып, аполитика иалҵхьоу ауаҩҧсы идҵақәа наигӡоит ҳәа аниҳәо, уи сара сымацара сакәымкәа, аҳәынҭқарра аҳаҭыр ланаҟәоит.

Ҳәарада, ҳполитикатә гәыҧ Биӡина Иванишвили ҷыдала изныҟәоит. Иара иоуп ҳгәыҧ еиҿызкааз. Аполитика даналҵ, ииашоу аҧҟарақәа ҳзаанижьит, аҧсадгьыл абзиабареи азакәан пату ақәҵареи ауп сызлацәажәо.

Ҳоппонентцәа Биӡина Иванишвили изықәдыргыло ахарадҵарақәа изакәызаалак шьаҭак рыҵам. Ажәлар иргәаласыршәар сҭахуп, Биӡина Иванишвили иахьатәи ҳминистрцәа реиҳара хаангьы имбацт,  зныкгьы дырмацәажәацт. Биӡина Иванишвили апарламенти аиҳабыреи дырхылаҧшшуеит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп.

Иара убас,  ишәгәаласыршәар сҭахуп ҧасатәи аҧыза-министрцәа Гьаргь Гахариеи Гьаргь Квиришвилии ҳгәыҧ ианалҵ  ашьҭахьгьы аргама ирҳәеит Биӡина Иванишвили хаангьы аҧыза-министр иусура иҽалеигаломызт ҳәа. Убри аҟынтә,  Биӡина Иванишвили иахьазы атәылазы зҵакы дуу аӡбарақәа идикылоит ҳәа рҳәаратәы изакәызаалак шьаҭакрымам», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.