Иракли Ҕарибашвили – Абас зҵакы дуу аамҭазы Виктор Орбан ивизит ҳара ҳзы, Қырҭтәылазы, ақырҭуа жәлар рзы аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, Қырҭтәыла ҕәҕәала иадгыло, ҳҩызаҵәҟьа дызусҭоу зегьы ирбароуп 

12:36, 12.10.2023

«Аҧыза-министр Орбани иеиҳабыреи гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит аиҩызара ҕәҕәеи, иара убас, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари европатәи аҭаацәара алалара иазку рҽазышәара адгылареи азыҳәан, иахьа сара ҳаҭыр сымоуп абри аҵәца шьҭыхны, акыр исзыҧсоу сколлега иныҳәаҿа скырц, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла аҧыза-министри иҧҳәыси рыхьӡала Венгриа аҧыза-министри иҧҳәыси раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз аофициалтә уаххьаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҧыза-министр Орбан иҿырҧшыгоу алидери аполитики иоуп.

«Абас зҵакы дуу аамҭазы  ари авизит   ҳара ҳзы, Қырҭтәылазы, ақырҭуа жәлар рзы аҵакы ҷыда амоуп, избанзар Қырҭтәыла ҕәҕәала иадгыло,  Қырҭтәыла Европаҿ избар зҭаху ҳҩызаҵәҟьа дызусҭоу зегьы ирбароуп.  Убри аҟынтә,  шәвизит азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит!», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.

Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбан ишиҳәаз ала, иара ивизит даҽазнык аанарҧшуеит ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҵакы шдуу.

«Ҳаамҭазтәи адунеиаҿ адискуссиа мҩаҧысуеит аџьашьахәы иҟоу иҟаму атемазы.  Ҳара, ақьырсианцәа, аџьашьахәы шыҟоу агәра ҳгоит. Аха, агәра зымго, иахьа, абри азал ашҟа иаароуп, избанзар, абраҟа 2 џьашьахәык рбоит: раҧхьа иргыланы, ақырҭуа џьашьахәы  — шәҭоурыхи шәыжәлар рыкәша-мыкәша иҟоу агеополитикатә лагылазаареи ауп. Ақырҭуа жәлар рыҟазаара, ақырҭуа бызшәа аҟазаар, ари абызшәала ицәажәо ауааҧсыра, ақырҭуа ҳәынҭқарра, насгьы ақьырсиантә ҳәынҭқарра уҳәа, — абри зегьы џьашьахәып. Насгьы араҟа даҽа џьашьахәыкгьы иҟоуп  – венгриатәи аџьашьахәы. Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара, авенгрцәа, 1100 шықәса раҧхьа Харатәи Мрагыларантә ҳааны, уажә ҳахьынхо атәыла аанаҳкылеит. Усҟан ҳтәымуаан, ҳакәша-мыкәша иаҳзааигәаз аӡәгьы дыҟамызт, ҳара, авенгрцәа, ҳамацара ҳаҟан.  Ҳара ари аҵакырадгьыл аанаҳкылеит, аха, ҧасеиҧш, ҳбызшәеи ҳкультуреи ҳамоуп, ҳхатә ҧсҭазаарала ҳанхоит.  Убри аҟынтә, авенг бызшәала ицәажәо авенгрцәа рыҟазаарагьы џьашьахәып.  Венгриатәи аҳәынҭқарра иҟоуп, насгьы, уи ақьырсиантә ҳәынҭқарроуп, уигьы аҩбатәи џьашьахәып.  Убри аҟынтә,  иахьа иџьашьахәы  2-тәылак реиҧылара мҩаҧысуеит, уи аполиткиатә ганахьала мацара акәымкәа, ҳтәылақәа рыбжьара иссиру аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларагьы иацхраауеит», — иҳәеит  Виктор Орбан.

Қырҭтәыла аҧыза-министри иҧҳәыси рыхьӡала, венгриа аҧыза-министри иҧҳәыси раҳаҭыр аҟынтә асасааирҭа  Tsinandali Radisson Collection аҿы аофициалтә уаххьа мҩаҧган.

 

Еиԥшу