Иракли Ҕарибашвили – Аҭынчратә инициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә аҿиареи аиқәыршәара иазку аҽазышәарақәа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп
Иракли Ҕарибашвили – Аҭынчратә инициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә аҿиареи аиқәыршәара иазку аҽазышәарақәа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп

«Ҳара арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә аҿиареи аиқәыршәара иазку аҽазышәарақәа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп», – иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили  «Facebook» аҿы.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, иара гәахәарала  Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҧыза-министрцәа  идикылеит.

««Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум» аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҧыза-министрцәа рҧылара алшара сеигәырҕьеит. Ҳара Аахыҵ Кавказ аҧеиҧши, ҳазынтәгьы ҳинтересқәа ирыҵанакәа  арегионалтә проектқәеи ҳрылацәажәеит.  ЕАР атрибунаҿ сызлацәажәоз аҭынчратә инициативақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,   ҳара арегионаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә аҿиареи аиқәыршәара иазку аҽазышәарақәа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп“, — иҩит Иракли Гарибашвили.