Иракли Ҕарибашвили 2023-и  2024-и шықәсқәа рзы Қырҭтәыла  имҩаҧысраны иҟоу адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа реиҿкааратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили 2023-и  2024-и шықәсқәа рзы Қырҭтәыла  имҩаҧысраны иҟоу адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа реиҿкааратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылеит

2023-и  2024-и шықәсқәа рзы Қырҭтәыла  имҩаҧысраны иҟоу адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа русхәаҧштә иалацәажәеит Қырҭтәыла аҩыза-министр Иракли Ҕарибашвилии аиҿкааратә зҵаарақәа рзы аус зуа агәыҧ алахәылацәеи реиҧылараҿы.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан 2023-и  2024-и шықәсқәа рзы   имҩаҧысраны иҟоу аконцерттә программеи апрограмма аусхәаҧштәи иалацәажәеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  адунеитә аеҵәақәа рконцертқәа мҩаҧысуеит Қарҭи, Баҭыми,   „Блеқ Си Аренеи” рҿы.

Аконцертқәа мҩаҧгахоит  2023 шықәса лаҵара анҵәамҭа инаркны, рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи азы, иара убас,  2024 шықәсазгьы.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аконцертқәа рымҩаҧгара иадҳәаланы дацәымкәа адунеитә аеҵәақәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит, хара имгакәа, ауаажәлар аконцертқәа рымҩаҧгара иазкны инарҭбаау аинформациа роуеит.