Иракли Ҕарибашвили - 2012 шықәса инаркны ҳара азанааҭтә аҵара абиуџьет ҧшьынтә аизырҳара ҳалшеит,  азанааҭтә коллеџьқәа рҿиара иалаҳҵеит 200 миллион лари
Иракли Ҕарибашвили - 2012 шықәса инаркны ҳара азанааҭтә аҵара абиуџьет ҧшьынтә аизырҳара ҳалшеит, азанааҭтә коллеџьқәа рҿиара иалаҳҵеит 200 миллион лари

2012 шықәса инаркны ҳара азанааҭтә аҵара абиуџьет ҧшьынтә аизырҳара ҳалшеит, азанааҭтә коллеџьқәа рҿиара иалаҳҵеит 200 миллион лари, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили азанааҭтә аҵара аҿиара иазку ахәаҧшыра ҿыц аӡыргараҿы данықәгылоз.

Қырҭтәыла аҧыза-министр иажәақәа рыла, Аекономикатә хеилак аформатаҿ изныкымкәа иалацәажәахьеит азанааҭтә аҵара шеиҕьаҳтәша.

“Аҵара ареформа ҳасабтәс иамоуп аҵара бзиа аиқәыршәареи ҳтәылауаа зегьы аҵаратә аҩаӡарақәа зегьы рҿы, аҵаратә система аетапқәа зегьы рҿы аҵара бзиа аиура алшара рзеиқәыршәареи. Ари апроект анагӡара ҳалагахьеит, 400 школқәа рырҽеиреи рыргылареи азы аиқәшаҳаҭрақәа иҟоуп, аусурақәа иалагахьеит. Ахәыҷбаҳчақәагьы ирыдҳәаланы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа иҟоуп. Азанааҭтә аҵара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, 2012 шықәса инаркны ҳара азанааҭтә аҵара абиуџьет ҧшьынтә аизырҳара ҳалшеит, иахьазы атәылаҿ аҧҵоуп 30 аҳәынҭқарратә азанааҭтә коллеџьқәа, афилиалқәагьы анрылаҵаны 40 раҟара алокациақәа иҟоуп. Иахьазы атәылаҿ аус руеит 45 хазхаҭалатәи аколлеџьқәа, сынтәа азанааҭтә аҵара абиуџьет зеиҧшҟамлац ала идуун, 95 миллион лари иаҟаран. Зынӡа, аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла, азанааҭтә коллеџьқәа рҿиара иалаҳҵеит 200 миллион лари”,- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, ашколхәыҷқәа азанааҭтә гәырҵҟәыл рылааӡареи, аконкреттә азанааҭ алхраҿы рыцхраареи азыҳәан, аиҳабыра ашколқәа рҿы азанааҭтә аҵара аларҵәара активла иалагоит, нас, ашколхәыҷқәа рхала ирыӡбоит иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы аҵара анагӡара рҭаху ирҭахыму.

„Иара убас, ажәлар даҽазнык аконкреттә цифрақәа рызцәырганы, афактқәа рыла сшәацәажәар сҭахуп. Ишаҳҳәаз еиҧш, иахьазы аџьармыкьаҿ иҟоу апроблемақәа иреиуп зквалификациа ҳараку аусуҩцәа рмаҷра. Аекономикатә азҳара ду ҳамоуп, аха, зквалификациа ҳараку аусузҩцәа ҳацәмаҷуп, уи акрызҵазкәа проблемоуп. 2-3 шықәса раҧхьа даҽа ҭагылазаашьак ҳаман. Иахьазы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Иаҳҳәап, ажьырныҳәа инаркны цәыббранӡа, Агәабзиарахьчара аминистрра иаҵанакәа аусурҭала аиқәыршәара агентраҿ ицәыргаз авакансиақәа инрықәыршәаны, аарҧшын зегьы реиҳа идуу аусхкқәа, – инеизакны аҭиреи, цырала аҭиреи, ашьҭаҵарҭатә хархәагақәеи, асасааирҭақәеи, афатә анагара амаҵзуреи, акрыфаратә обиектқәеи, аресторантә бизнеси уҳәа, убас егьырҭгьы.

Иара убас, ахҧатәи ахырхарҭа – административтәи ацхыраагӡатәи амаҵзуратә усурақәа. Аҧшьбатәи ахырхарҭа – агәабзиарахьчареи асоциалтә маҵзуреи иадҳәалоу аусура. Иахьазы, агентраҿы, зынӡа 10 000 раҟара авакансиақәа иҟоуп. Аха, уажәы ишәасҳәо иаҳа аинтерес аҵоуп. Ҵыҧх ҳара аҭҵаарақәа мҩаҧаагеит, Аекономика аминистрра ари апроцесс инарҭбааны, шьаҭанкыла имҩаҧнагеит. Ҵыҧх аҭагылазаашьа цәгьан, абарҭ аҭҵаарақәа рышьаҭала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аусура ду мҩаҧганы, иахьатәи аконцепциа аус адааулеит, уи ҳаҭыр зқәу аминистр ишәызцәыригоит.

Ишеилкаахаз ала, ҵыҧх, цәыббра 1 азы иҟаз аҭагылазаашьа ала, аҵыхәтәантәи шықәсык аҩныҵҟала, ааглыхырҭақәа рҟынтә 32% рҿы авакансиақәа иҟан, зынӡа 140 000 авакансиақәа иҟан, ҳәарада, ари аҭагылазаашьа бзиам”,- иҳәеит аҧыза-министр.