Иракли Ҕарибашвили Ҭуркменистан ивизит иалагеит
Иракли Ҕарибашвили Ҭуркменистан ивизит иалагеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭуркменистан ивизит иалагеит.  

Ашхабадтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы аиҳабыра рнапхгаҩы иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Иракли Ҕарибашвили иҧылеит Ҭуркменистан афинансқәеи аекономикеи рминистр Муҳемеҭгелди Сердарови Ҭурменистан  Қырҭтәыла азҵаарақәа знапы иану Авҭандил Наҧетвариӡеи. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр Ҭуркменистан ахада Сердар Бердимуҳамедов диҧылоит.