Иракли Гарибашвилии Еммануел Макрони Елисеитәи аханаҿ ҩ-тәылак русеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит  [афото]
Иракли Гарибашвилии Еммануел Макрони Елисеитәи аханаҿ ҩ-тәылак русеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит  [афото]

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Франциа ахада Еммануел Макрон диҧылеит.

Франциа ахада аиҳабыра рнапхгаҩы дидикылеит Елисеитәи аханаҿ.
Аиҧылараҿы иалацәажәеит Еврокомиссиа аӡбара – Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьаразы Европатәи ахеилак абжьагара аҭара.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит. Қырҭтәыла ҧхынҷкәын азы акандидат астатус иазыҧшуп, уи ҳтәыла европатәи аҧеиҧш ҳәаақәнаҵоит. Иракли Ҕарибашвили Еммануел Макрон адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Евроеидгылаҿ аҧхьагылара змоу атәылақәа иреиу Франциа аҟынтәи адгылара Қырҭтәылазы аҵакы ду шамоу. Иара ишиҳәаз ала, ари адгылара иаҳа иҕәҕәахап, Евроеидгыла алалара анеҩстәи аетапахь қәҿиарала аиасраҿы Қырҭтәыла иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.
Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвилии Еммануел Макрони ҩ-тәылак русеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭдара аганахьала арегиони адунеи рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазааҭгылеит. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу апроблемақәа рҭыҧқәҵаразы иҟоу алшарақәеи Аахыҵ Кавказаҿ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла зынагӡара алшо ароли иалацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили Еммануел Макрон ҳтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи аҧеиҧши адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.