Иракли Гарибашвили иҳәамҭала, аоппозициатә партиа аиҿкаара игәы иҭам
«Сызҿагылода? Ари азҵаара ҳагьалацәажәом, уи џьоукы хықәкыла имҩаҧырго адезинформациоуп», – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили абрифинг аҿы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иҳәеит аполитика алҵра зиӡбаз.
«Иахьазы апартиаҿ аҭагылазаашьа зеиҧшроу ииашаны ишәзеиҭасҳәеит ҳәа сгәы иаанагоит. Баша тәылауаҩс иаҳасабала, гәаартыла исҳәар сҭахуп Биӡина Иванишвили шиакәу ари атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәзыршәо. Ҳпартиа ашьаҭаркҩы исыдиҵаз аҳаҭыртә миссиа насыгӡеит ҳәа сгәы иаанагоит, иахьазы аполитикаҿы сыҟазаара иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә, ари аамҭа сҭаацәареи схатә хықәкқәа рынагӡареи иазыскыр сҭахуп. Шәызынтәгьы сшәыҳәар сҭахуп, шәааи аспекулиациақәа ҳарҟәаҵп», – иҳәеит Ҕарибашвили.
Иахьа Иракли Ҕарибашвили аполитика дшалҵуа ааицҳаит.