Иракли  Еӡегвераӡе иқәларазы ахара зду фҩык ауааҧсыреи даҽа хҩыки аҧкратә уснагӡатә аҳасабала аҭакра рықәырҵеит
Иракли  Еӡегвераӡе иқәларазы ахара зду фҩык ауааҧсыреи даҽа хҩыки аҧкратә уснагӡатә аҳасабала аҭакра рықәырҵеит

Апартиа  «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә Қарҭтәи Сакребуло алахәыла  Иракли  Еӡегвераӡе иқәларазы ахара зду фҩык ауааҧсыреи даҽа хҩыки аҧкратә уснагӡатә аҳасабала аҭакра рықәырҵеит. Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ  Арсен Калатозишвили ахарадҵаратә ган рыҳәара наигӡеит.

Иахьатәи аилатәараҿы апрокурор ишиҳәаз ала, ахара зду ауааҧсыра, Қырҭтәыла иалҵны ибналар рҭахын. Иара убас, ахарадҵаратә аган  ашаҳаҭцәа рықәыҕәҕәара ашәарҭареи   ашаҳаҭгақәа рықәхра аҽазкреи иалацәажәон.

Адукатцәа ишырҳәаз ала, ахара зду ауааҧсыра абналара ргәы иҭамызт, дара ргәаанагарала, аус иацу ашаҳаҭгақәа ахара зду ауааҧсыра ари аус шырхароу шьақәдырҕәҕәом.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, ахара зду ауааҧсыреи егьырҭ макьана зыхьӡқәа еилкаам егьырҭ ахаҿқәеи Қарҭ Глдани араионаҿ ҧшьҩык ауааҧсыра ирықәлан, ирыпҟеит.

Право