Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани аибадырратә аиҧыларақәа рымҩаҧгара наигӡоит.
Атәылахьчара аминистрра адыррала, Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Польша ацҳаражәҳәаҩ Мариуш Машкевич дидикылеит.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылахьчара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Польшеи қәҿиарала русеицуреи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан арратә аҵара аусхкы аҿы аусеицуреи, амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа рылахәызаареи, арра-ааглыхратә усхкы аҿы аусеицуреи аҵаки», — иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.