Иракли Чиқовани  Германтәыла ацҳаражәҳәаҩи арратә атташеи дырҧылеит
Иракли Чиқовани  Германтәыла ацҳаражәҳәаҩи арратә атташеи дырҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани  Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Ернст Петер Фишери арратә атташе Андреас Зебальди дырҧылеит.

Аибадырратә ҟазшьа змам аиҧылараҿы  аганқәа рхаҭарнакцәа  Қырҭтәылеи Германтәылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа русеицураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит.

Иара убас, иҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рылшарақәа рырҿиареи, арратә аҵареи, азеиҧш азыҟаҵарақәеи рҿы Германтәыла иҟанаҵо алагала ду. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡараҿы Германтәыла Қырҭтәыла иазаанарҧшуа адгылара.