Иракли Ӷарибашвили - Украина ицо аибашьра арегион зегь азы икатастрофоуп, ари аибашьра иаҳнарбеит аекономикақәа рдиверсификциа шыҟаҵатәу, аибашьранӡа абжьаратәи акоридор азҿлымҳара амамызт, уажәы аҭагылазаашьа ԥсаххеит

Украина ицо аибашьра арегион зегь азы икатастрофоуп, ари аибашьра иаҳнарбеит аекономикақәа рдиверсификциа шыҟаҵатәу, аибашьранӡа абжьаратәи акоридор азҿлымҳара амамызт, уажәы аҭагылазаашьа ԥсаххеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Давостәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа адискуссиаҿ. Адискуссиа рхы аладырхәоит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви еврокомисса Иоганнес Ҳанни.

„Украина ицо аибашьра арегион зегь азы икатастрофоуп, ари аибашьра иаҳнарбеит аекономикақәа рдиверсификциа шыҟаҵатәу, аибашьранӡа абжьаратәи акоридор азҿлымҳара амамызт, уажәы аҭагылазаашьа ԥсаххеит.

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев ииҳәаз, саргьы исҳәарц сҭахуп, зеиԥшҟамлац ала ибзиоу аизыҟазаашьақәа ҳамоуп Азербаиџьани, Казахстани, Ҭырқәтәылеи рҟны. Ҳара астратегиатә партниорра ҳабжьоуп. Ҳазҭагылоу аетап аҿы акапитал ду аинфраструктура алаҳҵоит. 2023 шықәсазы изыркәшаран иҟоу ҳамҩадуқәа рыргылара 2.3 миллиард доллар алхын, ари атранспорттә хырхарҭа аҿиара даара иадгылоит”, – иҳәеит Ӷарибашвили.