Иракли Ӷарибашвили - Шиндистәи афырхацәа ҭахеижьҭеи 15 шықәсa ҵит, урҭ аԥсадгьыл ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, абиԥарақәа ирзаанрыжьит афырхаҵареи, ахмеигӡареи, агәымшәареи зеиԥшҟамлацыз  аҿырԥштәы
Иракли Ӷарибашвили - Шиндистәи афырхацәа ҭахеижьҭеи 15 шықәсa ҵит, урҭ аԥсадгьыл ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, абиԥарақәа ирзаанрыжьит афырхаҵареи, ахмеигӡареи, агәымшәареи зеиԥшҟамлацыз аҿырԥштәы

Қырҭтәыла аԥыза-министр  Иракли Ӷарибашвили 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аибашьраан фырхаҵарала иҭахаз ақырҭуа аруаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аԥыза-министр ақырҭуа фырхацәа гәымшәақәа, Шиндистәи  афырхацәа даҿазнык иргәалаиршәеит.

„Шиндистәи афырхацәа ҭахеижьҭеи 15 шықәсa ҵит, урҭ аԥсадгьыл ахақәиҭра рхы ақәырҵеит, абиԥарақәа ирзаанрыжьит афырхаҵареи, ахмеигӡареи, агәымшәареи зеиԥшҟамлацыз аҿырԥштәы.

Шиндистәи ақәаԥара аьҭахь адетальқәа рацәаны еилкаахеит, идыруп ҳаҷкәынцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи атәы. Рыхьӡқәа даҽазнык ҳаҭырла исгәаласыршәар, урҭ рҭаацәарақәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп,” – иазгәеиҭеит Иракли Ӷарибашвили.

Шиндистәи aқәҧaрa 2008 шықәсa нaнҳәa 11 рзы ҟaлеит. Урыстәылaтәи aррaтә хәҭaқәa рҟны aҵыхәтәaнтәи aқәҧaрaaн иҭaхеит 17-ҩык aқырҭуa aруaa – Алеқсaндре Ониaни, Емзaр Ҵилосaни, Внҧхиa Џьишкaриaни, Звиaд Кaцaӡе, Ҭеимурaз Бериӡе, Илиa Гaбуниa, Илиa Шеҟилaшвили, Ирaкли Џьaнелиӡе, Кaхa Кошaӡе, Левaн Белқaӡе, Мaрлен Бaрaмиa, Михеил Двaлишвили, Николоз Ҧорчхиӡе, Ромaн Зоиӡе, Руслaн Ҵулaиa, Феликс Кaкaуриӡе, Шмaги Купaтaӡе.