Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 
Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан диҧылеит.

Аиҿцәажәараан ахадаратә ҵакы аман Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминситрцәа Қарҭ реиҧылара. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ҳаҧхьаҟа адиалог адинамика бзиа арҿиара аҵакы ду амоуп. 

Аиҧылараҿы аҭынчратә агәыларатә инициатива иазааҭгылеит, иаҵшьны иазгәаҭан арегионалтә еизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара ацхрааразы ари аинициатива аҵакы ду шамоу. Иара убас, хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицуреи ҳаҧхьаҟа уи арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи, аекономикатәии  ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәа рхырхарҭалагьы.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа Аахыҵ Кавказ аҿы аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Арегион аҿы аҭагылазаашьа ианалацәажәоз,  аиҳабыра рнапхгаҩи Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистри ишазгәарҭаз ала, аганқәа зегьы еидгыланы, апроблемақәа рҭыҧқәҵара рҽазыркроуп.   

Иракли Ҕарибашвили Арарат Мирзоиан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.