Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәыла Аиустициа аминистр диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәыла Аиустициа аминистр диԥылеит

Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Шәамахьтәыла Аиустициа аминистр Карен Андреасиан диԥылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырттәыла паԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ иахәаԥшит Қырттәылеи Шәамахьтәылеи ирыбжьоу еизыҟазаашьақәа.

“Аганқәа иазааҭгылеит аиустициа ахырхарҭала атәылақәа ирыбжьу аусеицура. Ари аконтекст аҿы иазгәаҭан Қырттәылеи Шәамахьтәылеи русҳәарҭақәа сынтәа, ажьырныҳәазы  ирыбжьарҵаз амеморандум аҵакы.

Иара убас аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Украина имҩаԥысуа аибашьра аконтекст аҿы арегион ашәарҭадара азҵаара. Иазгәаҭан арегион аҿы аҭынчреи аҭышәантәылареи редгылара ихадароу зҵаараны шықәгыло.