Иракли Ӷарибашвили Саудтәи Аравиа атуризм аминистр диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Саудтәи Аравиа атуризм аминистр диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Германтәыла авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Саудтәи Аравиа атуризм аминистр диԥылеит.

Аиԥылараҿы ишазгәаҭаз ала, иахьазы ҩтәылак еицеиԥшыма хырхарҭақәа рыла қәҿиарала аус еицыруеит, ҳаԥхьаҟа ҩганктәи аусеицуреи атәылақәа реизыҟазаашьақәа рырҭбаара аперспективақәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азуун атуризм атема, иаҵшьны иазгәаҭан ари аусхкы аҿы атәылақәа русеицуразы иҟоу алшара дуқәа. Иара убас ишазгәаҭаз ала, атәыла аиҳабырақәа имҩаԥырго аполитика абзоурала, ҩтәылак рыбжьара иҟоу ишиашоу авиареисқәа ахәаахәҭреи атуризми рырҿиара ацхраауеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абизнес-еизыҟазаашьақәа рырҿиара Саудтәи Аравиантә  Қырҭтәылаҿы аинвесторцәа рхыԥхьаӡара ацлара иацхраауеит.