Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу жәларбжьаратәи авалиутатә фонд анапхгаҩы диԥылеит
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (IMF) анапхгаҩы Џьеимс Џьонс авидеконференциа аформат аҿы диԥылеит.
Аиԥылараҿ иазааҭгылеит COVID-19 апандемиаан ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Азгәаҭан Қырҭтәыла Аиҳабыра аепидемиологитә ҭагылазаашьа ишахәҭо еиԥша шахылаԥшуа, аекономика ирласны аиҭашьақәыргылара адгыларазы ианаамҭаз аԥкрақәа раԥыхреи авакцинациа апроцесс ииашаны амҩаԥгареи шалшаз.
Иара убас, иаҵшьны иагәарҭеит апандемиа амзызла ишьақәгылаз акризис аҿагылараан Қырҭтәыла Аиҳаыбыра аекономика аиӷьтәразы иҟанаҵаз активтә шьаҿақәеи, мшаԥазы аекономикатә азҳара апрецедент змамыз арбага – 44,8% ахьамаз.