Иракли Ӷарибашвили - Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алахәылас ишыҟало, Қырҭтәыла Европа ишалало ахатә традициақәа рыла
Иракли Ӷарибашвили - Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алахәылас ишыҟало, Қырҭтәыла Европа ишалало ахатә традициақәа рыла

Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алахәылас ишыҟало, Қырҭтәыла Европа ишалало ахатә традициақәа рыла, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили “Европа амш” аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла атәыла аиҳабыра Қырҭтәыла Европа иаҳа иазааигәахарцаз иҟарҵаз рацәоуп.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа, иахьа ҳара, ақырҭуааи европауаа, ҳаидгыланы, „Европа амш” азгәаҳҭоит. Избанзар, ари амш, Европеи европауааи реиҧшҵәҟьа, ақырҭуаагьы ирымшуп. Ҳара, ақырҭуаа, еснагь европауаас ҳхы ҳаҧхьаӡон. Убри азоуп европатәи аҭаацәара алахәызаара заҳҭаху. Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла ҳаиҳабыра, Қырҭтәыла Европа иаҳа иазааигәахарц азыҳәан иҟарҵаз рацәоуп. Даҽазнык шәызынтәгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи рыдкылареи, авизадатә режими, европатәи аперспектива аиуреи ҳаиҳабыра ишрыбзоуроу. Ҳәарада, ҳаара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит иҵегьы иҟаҵатәу аусқәа шырацәоу, ҳтәыла акандидат астатус аиурц, иаҳа Европа иазааигәахарц азыҳәан иаҳа ирацәаны ареформақәа шымҩаҧгатәу”, – иҳәеит аҧыза-министр.

Акандидат астатус даналацәажәоз Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, астатус анашьара асимволтә актуп, аха, ари аӡбара аҵакы ду амоуп.

„Агәра ганы сыҟоуп сынтәа европатәи ҳҩызцәа, европатәи аҳәынҭқаррақәа аполитикатә аӡбара иаша шрыдыркыло, Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари акандидат астатус шранаршьо, избанзар, ҳтәылеи, ҳажәлари, ҳаиҳабыреи акандидат астатус рыхәҭоуп. Ҳәарада, ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит астатус анашьара асимволтә акт шакәу, аха, ари аӡбара аҵакы ду амоуп.

Убри аҟынтә, аргама исҳәар сҭахуп ҳаиҳабыра, раҧхьа иргыланы ҳтәылеи ҳажәлари ирҭаху ареформақәа рынагӡара ишазыхиоу, насгьы, ари апроцесс европатәи ҳҩызцәеи ажәларқәеи иаҳа ҳарзааигәанатәуеит. Ҳареи европауааи иаҳзеиҧшу апринципқәа рыла ҳаидҳәалоуп. Раҧхьа иргыланы, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абарҭ апринципқәа ақырҭуа, ақьырсиантә ашьаҭа шрымоу, ҳаамҭазтәи Европагьы абри аҩызаҵәҟьа ашьаҭа амоуп.

Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, акыр иаҧсоу ацҳаражәҳәаҩцәа, акыр иаҧсоу асасцәа, агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара ду алахәылас ишыҟало, Қырҭтәыла Европа ишалало ахатә традициақәа рыла. Даараӡа иҭабуп. Европа аҭынчра азеиҕьасшьоит, ҳажәларқәа аҭышәынтәалареи мышхәыбызазареи рзеиҕьасшьоит,” – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.